Telegram Web Link
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Олег Барциц: Мягкая сила культуры эффективнее политики в укреплении связей Абхазии с миром

▪️Министр иностранных дел Абхазии Олег Барциц подчеркнул значимость «мягкой силы» в укреплении международных связей, отметив ее эффективность по сравнению с политическими и дипломатическими усилиями.

▪️Он выразил уверенность, что Международный музыкальный конкурс-лаборатория Алисы Гицба, в котором принимают участие представители Абхазии, России и других стран, становится более прочным мостом дружбы.

«В этом году не секрет участвует конкурсантка из дружественной, уже братской нам страны, Республики Никарагуа. Мы с гордостью можем сказать, что посодействовали тому, чтобы между Никарагуа и Абхазией при помощи наших российских друзей и партнеров налаживались еще более тесные связи»

— отметил он.

🟩 подписаться / прислать новость
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор, Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба ииубилеи идылыҳәалеит. Октиабр 24 рзы уи ихыҵуеит 75 шықәса.

«Ҳаҭыр зқәу Кьасоу Золотинска-иԥа!
Шәбаҩхатәра ду, шәҟазара ҳаракы ирыбзоураны шәара актиортә ҟазараҟны шәшьақәгылеит, ишәырҳаит ахәаԥшҩы ибзиабара.

Аԥсуа театр абзиабаҩцәа иазгәарҭоит шәара шәҟыбаҩ ҷыда, инашәыгӡо арольқәа ирыҵоу аԥсихологиатә ҵакы. Шәара шәымч-шәылша зегь бзиа ижәбо атеатр иазышәкит, иахьа уажәраанӡагьы мааԥсарада амаҵ азыжәуеит, қәнагалагьы шәырхыԥхьаӡалоуп аԥсуа актиорцәа хатәрақәа
Шәара асценаҿы иаԥышәҵеит еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи, иара убас аҳәаанырцәтәи аклассикцәеи рҩымҭала иаԥҵоу аспектакльқәа рҿы – Махаз (Фазиль Искандер иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль «Махаз» аҟны), Аԥсҳа Леон (Азиз Агрба иқәиргылаз аспектакль «Аԥсҳа Леон» аҟны), аӡбаҩ Исидоро (Карло Гольдони ипиеса «Кьоџьаа рҭыӡшәа» аҟны) уҳәа убас егьырҭгьы».
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба 75 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

▫️ Адныҳәаларатә шәҟәаҽы иазгәаҭоуп:

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Кьасоу Золотинск-иҧа!

▫️ Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи!

▫️ Шәара 50 шықәса инарзынаҧшуа аҧсуа милаҭтә театр амаҵ азура иазышәкит. Уи аамҭа иалагӡаны ҟазара ҳаракыла инашәыгӡеит ахәаҧшцәа рыбзиабара шәзаазгаз, ргәалашәараҿы инхаз арольқәа. Иара убас имаҷым қәҿиарала шәахьыхәмарыз акиносахьақәагьы.

▫️ Ирацәоуп шәџьабаа аҧсуа театр азы акадрқәа реиҵааӡара аус аҿы. Еснагь шәрызҿлымҳан аҟыбаҩ змоу аҿар, урҭ ацхыраара рышәҭон.

▫️ Аҟазара инаваргыланы еснагь шәалахәын ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара. Аҳәынҭқарреи ҳауаажәлари шәырзааҧсон еснагь, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы шәыҟан Жәлар Реизара адупутатс, акультура аминистрс.

▫️ Иахьа уажәраанӡагьы ааҧсарак шәықәымкәан шәнапы алакыуп бзиа ишәбо, шәыҧсҭазаара ззышәкыз актиор изаанаҭ, ахәаҧшцәа шәыргәырӷьоит шәҟазара ала.

▫️ Акыр иаҧсоу Кьасоу Золотинск-иҧа, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, ашықәсынҵыра рацәа, амилаҭ театр аӡыргараҿы ақәҿиара дуқәа. Наунагӡа ишәыцзааит ашықәсқәа ирылган иаашәго ахәаҧшцәа рыбзиабара.

▫️ Ҽааныбзиала шәнеиааит!»

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ
2025/10/25 18:52:23
Back to Top
HTML Embed Code: